Арадио

Сангәлиа 2022 ашықәс ирҿиаразы: ирацәаны ашәақәа иит

Артист, акомпозитор Омар Сангәлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2022 ашықәс изеиԥшраз иара изы, иарбан хҭыс хадоу дыззыԥшу иааиуа ашықәс азы, насгьы, ашәақәа рҿы иааирԥшуа атемақәа ахьынтәиааиго.
Sputnik
Арҿиара аус аҿы ашықәс шцо убаӡом, иара амшгьы, азгәеиҭеит Сангәлиа аиҿцәажәара хацыркуа. Ауаҩы иоуп зегьы знапы иану, уи иԥсҭазаара шеиҿикааз еиԥш аамҭагьы мҩасуеит, иҳәеит иара.
"Ицәгьамкәа ицеит ашықәс. Ирацәаны ашәақәа иит, еиҭа аус зыдулатәу ыҟоуп. Ҳаԥсабара убас иҟоуп, ак умҩыр ҟалаӡом", - азгәеиҭеит арҿиаҩы.
Омар Сангәлиа ԥхьаҟатәи ипланқәа ртәы далацәажәо иҳәеит, ажьырныҳәамзазы иашәақәа еидызкыло альбом ҿыц ҭыҵран ишыҟоу. Иара убасгьы иара еиҭеиҳәеит ашәақәа шаԥиҵо, атемақәа ахьынтәиааиго, насгьы избан ашәақәак ауаа ирылаҵәаны изаанхо, егьырҭ усҟак азҽлымҳара зрымам.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.