Арадио

Амоделиер-адизаинер еиҭалҳәеит сынтәатәи ашықәс азы амода ахырхарҭа зеиԥшроу

Амоделиер-адизаинер Мрамза Марыхәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ари ашықәс ҿыц азы ауаа амаҭәа ҿазҵо ыҟоума, иарбан шәҵатәу ари ашықәс азы амода ахырхарҭа инақәыршәаны аԥыжәара зҭатәу ҳәа аҟазацәа иазгәарҭо.
Sputnik
Амоделиер-адизаинер лажәақәа рыла, аекономикатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны сынтәа иаҳа иҭышәынтәалоу, мыцхәы улаԥш хызымкуа амаҭәа аԥыжәара амоуп.
"Еиуеиԥшым адизаинерцәа иахьа иҿыцу ҳәа акгьы алырхӡом астильқәа ирҭагӡаны, ирзаанхаз аба рхы иадырхәоит. Ҳандуцәа рхаан еидыӡахло ачыҭ ба аҟынтәи ахызақәа рӡахуан, ишышәгәалашәо ала, уи иахьагьы аԥыжәара амоуп. Шықәскәак ахьԥшәы уҳәа иаҳа ибеиоу аба рҽадырцалозҭгьы, шықәсқәак рышьҭахь иаҳа иҭышәынтәалеит ҳамаҭәа ԥшшәылеи хаҭабзиаралеи. Уажәы аԥҳәыс иаҳа лҽылԥсахит, лыԥшӡара, доуҳала лымч аазырԥшуа, днықәгыла-аақәгыло, лышәҵатәы кьаҿцәамкәа иҟазҭгьы, уажәы иаҳа лышәҵатәгьы ҭышәынтәалоуп, лҟазшьагьы лымаҭәагьы аҽаԥсахит. Аамҭа ус иҟанаҵоит, аԥсахрақәа аланагалоит", - лҳәеит Марыхәба.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.