Арадио

Ашәба 2022-тәи ашықәс азы Аԥсуаҭҵааратә институт аусура еихишьалеит

Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны 2022–тәи ашықәс аихшьалақәа ҟаиҵеит, иҳәеит гәҭакқәас ирымаз, аинститут аҟны ирылдыршаз.
Sputnik
Ииасыз ашықәс азы еихьӡараны Ашәба иаликааит хәҩык аҵарауаа ҿарацәа акандидаттә диссертациақәа ахьырыхьчаз, хҩык аҭоурых иадҳәаланы, ҩыџьа - афилологиа.
"Ари акрызҵазкуа усуп, ажәлар доуҳала реизҳара иатәуп. Ажәлар рҭоурых, рбызшәа , рфольклор, рҟазара аҭҵаараҟны аӡәы идамхаргьы иҭиҵааз, иихьчаз аусумҭа акырӡа уҵанаҳәоит. Уи аганахьала аизҳара ыҟоуп", - иҳәеит Ашәба.
Иара дырзааҭгылеит аинститут аусзуҩцәа зус алкааны аҳаҭыртә хьыӡқәа заныршьаз, ашықәсан имҩаԥгаз аконференциақәа ртәы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.