Аԥсны

Аԥсны АҶА: ашықәсҿыцазтәи аҵх ҭынчны имҩаԥысит

АҶА адыррақәа рыла, атәылаҿы Ашықәс ҿыц ауха машәырс иҟалаз афымцацәаҳәақәа реидыслара ауп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Ашықәсҿыцазтәи аҵх ҭынчны имҩаԥысит, машәыр ҳәа акгьы ҟамлаӡеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АҶА апресс-маҵзураҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит ԥхынҷкәын 31 - ажьырныҳәа 1 руха Кәыдрытәи амҩаду аҿы афымцацәаҳәақәа маҷк еидыслеит ҳәа.
АҶА апресс-маҵзура даҽазныкгьы ауаа иргәаладыршәеит ареспубликаҿы русбарҭа аҟәшақәа зегьы ҷыдала ишыҷаԥшьо аныҳәамшқәа аанҵәаанӡа.