АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ Руслан Ҭраԥшь ишьҭоуп Аҟәа иҟалаз ауаҩшьразы, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Иҟоу адыррала, ԥхынҷкәын 30 рзы, асааҭ 22:20 рзеиԥш Ҭраԥшь, аҩнеихагыла аҩналарҭа дшыҩнагылаз ишьақәыргылам абџьархкы ала ашә деихсын, 34 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ Николаи Тараканов дишьит.
Аусбарҭа адырраҭараҿы иазгәарҭеит Ҭраԥшь ииуз дырны ишыҟаиҵаз, ишеиликаауаз ауаажәларра рзы иумҭа шшәарҭаз, иара убас Тараканов ашә дшадгылаз.
Ашьаус хацыркуп, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Руслан Ҭраԥшь дахьыҟоу аҭыԥи иаанкылареи рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.