Аԥсны

Гагра ахра иаҿҟьаз аԥҳәыс Шәачатәи ахәшәтәырҭахь диаргеит

Урыстәылауаҩԥҳәыс Оксана Иасницкаиа ажәытә Гагра иахьаҵанакуа ахра даҿҟьеит асабша ԥхынҷкәын 31 рзы. Лара Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь днаргеит лҭагылазаашьа бааԥсны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гагра ахра иаҿҟьаз урыстәылауаҩԥҳәыс Шәачатәи ахәшәтәырҭахь диаргеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Есма Асланӡиаԥҳа.
“Амашәыр иақәшәаз аԥҳәыс лыԥхала Шәачатәи ахәшәтәырҭахь диаргеит, уажәы уатәи аҳақьымцәа дырхәышәтәуеит", - лҳәеит Асланӡиаԥҳа.
Ростов-на-Дону инхо Оксана Иасницкаиа ажәытә Гагра иахьаҵанакуа ахра даҿҟьеит асабша ԥхынҷкәын 31 рзы.
Лара Гагратәи араионтә хәшәтәырҭахь днаргеит лҭагылазаашьа бааԥсны.