Аԥсны

Риҵатәи амилаҭтә парк 2022 шықәсазы 600 нызқьҩык рҟынӡа ауаа аҭааит

Риҵатәи амилаҭтә парк 2021 шықәса рзы 83 нызқьҩык рыла еиҳаны иаҭааит 2022 шықәса рзы аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк 632 нызқьи 402-ҩык ауаа аҭааит ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аобиект аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.

"Ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа сынтәа 83 нызқьҩык рыла еиҵаны иаҳҭааит. Ари зыдҳәалоу амш аҭагылазаашьоуп. Ааԥыни аԥхынра алагамҭеи раан ихьҭан, уи ауаа ирԥырхагахеит. Лаҵарамзазы мацара ашьхареи аӡиа акәша-мыкәшеи асы леит", - иҳәеит иара.

2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа апарк аҭаларазы ирҭиит 405 миллион 96 нызқь мааҭ рыхә абилеҭқәа, ари 164 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2021 шықәсазы еизыргаз аасҭа.
Багаҭелиа ишиҳәаз ала, ас еиԥш аԥара еиҳаны иахьеизыргаз зыбзоуроу абилеҭ ахәԥса 350 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа иахьаргалаз ауп. Абри азы Аԥсны Аиҳабыра аӡбамҭа амч аиуит лаҵара 1 2021 шықәса инаркны.
Аӡиа Риҵа: изеиԥшроузеи аԥсабаратә нашана ҭагалантәи асахьа