2022 шықәсазтәи 22 мгеимцара: ииасыз ашықәс азы иалкаау

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны еиднакылеит 2022 шықәсазы ҳтәылаҟны имҩаԥысыз хадара злоу иалкаау ахҭысқәа рфотоҭыхымҭақәа.
Sputnik
2022 шықәса еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла игәылҭәаан. Ааԥынразы Аԥсны имҩаԥган Жәлар Реизара VII ааԥхьарахь адепутатцәа ралхра. 35 депутаттә ҭыԥ рахь иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьтә 16-ҩык ҳәсан, 107-ҩык хацәан.
Атәылауаа афымцалашареи абылтәи рзымхара рныԥшит. COVID-19 аиааира алшеит.
Адунеи аҟны аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны Аԥсны атәылахьчара азҵаара иалацәажәон. Ҳтәылаҟны иалагеит амобилизациатә зхиазаара аҩаӡара ашьҭыхразы аусурақәа рымҩаԥгара, Арбџьармчқәа џьаԥҳанылеи иҷыдоу техникалеи реиқәыршәара.
1 / 22

2022 шықәса ажьырныҳәамзазы Аԥсны асы леит.

2 / 22

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина 100 шықәса лхыҵит, лара - Сталинградтәи аибашьра далахәыла, Аеҵәа ҟаԥшьқәа ҩорденк ланашьоуп, иара убас, Курсктәи аибашьраз "Агәымшәараз" амедал.

3 / 22

Ажьырныҳәа анҵәамҭазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

4 / 22

Хәажәкырамзазы Аԥсныҟа иааит Донбасснтәи ахҵәацәа.

5 / 22

2022 шықәса акультуратә хҭысқәа рыла ибеиан. Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны иқәыргылан Нестор Лакоба иарӷьажәҩаны ивагылаз, адгылара изҭоз иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба илызкыз аҭоурыхтә спектакль "Сариа".

6 / 22

Хәажәкыра 22 рзы имҩаԥысит Жәлар Реизарахь алхрақәа актәи атур.

7 / 22

2022 шықәсазы, иара убас аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит Аԥсны астраикбол ахеилак алахәылацәа.

8 / 22

Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҟны апремиерақәа рацәан. Урҭ иреиуоуп урыстәылатәи арежиссиор Мариа Романова лықәыргыламҭа "MARQUEZ. Сны одиночества" .

9 / 22

2022 шықәсазы аҽарҭбааит амилаҭтә аетнографиатә гәарԥ.

10 / 22

Аҟәатәи абааҿы археологцәа имҩаԥыргоз ажрақәа раан ирбеит XIX ашәышықәса иаҵанакуа абзарбзанқәа ҩба.

11 / 22

Ԥхынҷкәын 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Абираҟ амш.

12 / 22

Очамчыра ажәытәӡатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҟны Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа имҩаԥырго ажрақәа раан ирыԥшааит антикатәи аамҭа V-IV ашәышықәсақәа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа ирыҵаркуа иуникалтәу аџьазтә ҳаҭәараҷ (аскульптура).

13 / 22

Очамчыра араион Кәтол ақыҭан аҽырыҩра мҩаԥган.

14 / 22

2022 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад официалла Аԥсны даҭааит.

15 / 22

Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа инапала иҟаиҵеит еихаӡаху ажәытәӡатәи аԥсилтәи аибашьҩы икәылӡы.

16 / 22

Цәыббрамзазы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит.

17 / 22

Лыхны иазгәарҭеит аҽаҩраныҳәа.

18 / 22

Цәыббрамзазы АШәМ аусзуҩцәа еиҭах атеррористҿагыларатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.

19 / 22

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин аофицалла Аԥсны даҭааит ԥхынҷкәынмза акы азы.

20 / 22

Сретентәи аберҭыԥ ахори Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи агәыҳалалратә концерт мҩаԥыргеит Мықәтәи ауахәамаҿы абҵара 6 рзы. Еизыргаз аԥарақәа зегьы Мықәтәи ауахәама аиҭашьақәыргылара иаздырхоит.

21 / 22

Ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны даҭааит Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов.

22 / 22

Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Ашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара иалагеит ԥхынҷкәын аҽеиҩшамҭазы. Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны аԥсаӡқәа дыргылеит.