Арадио

Миқааԥҳа еиҭалҳәеит Израиль Ашықәс ҿыц ишаԥыло, уа аԥсуаа пату ахьынӡарықәу атәы

Израиль инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнак Есма Миқааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи атәылаҟны лыбзазашьа зеиԥшроу, уаатәи ауаа Аԥсны аӡбахә ахьынӡардыруа, рҵасқәа, рқьабзқәа лышҽлырнаалаз, аԥсуа илеишәа аҳәаанырцә ишаалырԥшуа, аныҳәақәа дшырԥыло.
Sputnik
Ауриацәа акыр шықәса дышрыланхогьы Есма Миқааԥҳа лбызшәа, лҵас, лқьабз лхамыршҭкәа иналыгӡоит. Илҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәа бзиа ишырбо ауриацәа, пату ақәҵаны ишныҟәарго. Убри аан адин акыр иацклаԥшны иныҟәазго аԥсаӡҵлақәа уҩны игылаз сасра иузнеиӡом , лҳәеит. Иазгәалҭеит убасгьы афатә акыр ишацклаԥшуа, Асовет Еидгыла аҟынтәи инеиз ракәымзар, егьырҭ ашәи акәаци еидкыланы ирфом, напҭацәыла иузнеиуам ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.