АҞӘА, ажьырныҳәа 2 - Sputnik. Руслан Ҭраԥшь дааныркылеит ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 31 рзы, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Иҟоу адыррала, ԥхынҷкәын 30 рзы, асааҭ 22:20 рзеиԥш, Аҟәа Воронов имҩа №30 аҿы, Ҭраԥшь аҩнеихагыла аҩналарҭа дшыҩнагылаз ишьақәыргылам абџьархкы ала ашә деихсын, 34 шықәса зхыҵуаз урыстәылауаҩ Николаи Тараканов дишьит.
Хара имгакәа занааҵтәи аусҭҵааратә усбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь ацәгьоура зуз иҭакразы азыҳәа нанашьҭуеит.