120 нызқьҩык атуристцәа ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа Ҟәбина ирхыргоит

Зынӡа Краснодартәи атәылаҿацә аҟны ҩ-нызқь инеиҳаны аԥсшьарҭатә ҭыԥкәа ыҟоуп, урҭ 220 нызқьҩык атуристцәа ирызхоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Урыстәыла акәакьқәа зегьы рҟынтәи 120 нызқьҩык атуристцәа ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа Ҟәбинатәи ақалақьқәа рҟны ирхыргар еиӷьыршьеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости атәылаҿацә аиҳабы Вениамин Кондратиев иажәақәа шьаҭас иганы.

"Ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан Краснодартәи атәылаҿацә акурортқәа ирҭаауа рацәаҩуп. Арҭ амшқәа рзы ҳара ҳҿы рыԥсы ршьоит 120 нызқьҩык атуристцәа", - иҩуеит агубернатор и-Telegram-канал аҿы.

Атәылаҿацәа апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, 80 нызқьҩык рҟынӡа Шәача рыԥсы ршьоит, уаҟа аԥсшьарҭатә ҩнқәа 80% иҭәуп, Геленџьик -60%, Анапа-45%.
Зынӡа атәылаҿацә аҟны игылоуп ҩ-нызқь аԥсшьарҭа ҩнқәа, апансионатқәа, аотельқәа, 220 нызқьҩык атуристцәа рыдкыларазы алшара ыҟоуп.
Аԥсны
Миллионҩык инреиҳаны атуристцәа Аԥсны иаҭааит 2022 шықәсазы