Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ажьырныҳәа 4 рзы

Аӡымҩангагатә цәаҳәа аԥжәара иахҟьаны ақалақь мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәа араион қыҭақәаки ӡыда иаанхоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ажьырныҳәа 4 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа зыда иаанхоит Кәыдрытәи амҩа, Турбаза, аиашьцәа Занҭариаа рымҩа, Аԥсилаа, Ҷанба, акыҭақәа Ӡыгәҭеи Баслаҭеи рынхацәа.
Аҩада Кьалашәыр аӡымҩангагатә цәаҳәа аусура еиԥҟьеит.