Аԥсны

Ҭаниа: Украина имҩаԥысуа арратә операциа адунеи ҿыц ашьақәгыларазы ауасхыр азышьҭанаҵеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа адунеи ҿыц ашьақәгыларазы ауасхыр азышьҭанаҵеит, абри атәы арадио Sputnik аҟны иҳәеит Аԥсны ААР анапынҵа ҷыда змоу ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа.
Ҭаниа игәаанагарала, арратә операциа ҷыда атәылақәа рыԥсҭазаареи адунеи еиҩнашеит.

"Адунеи аҽеиҩнашеит арратә операциа ҟалаанӡеи уи ашьҭахьи, нас адунеи ҿыц аиҿкаара иахьаҿу ҳазҭагылоу иахьатәи аамҭеи ҳәа. Уи анхыркәшахо аҳәара уадаҩуп. Сгәаанагарала, уи уадаҩхоит, аамҭа аҭаххоит", - иҳәеит иара.

Ҭаниа иажәақәа рыла, урыстәылатәи арратә операциа ҷыда жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рхырхарҭақәа зегьы анырра анаҭеит, адунеи аҟны амилаҭтә культуреи, аҵасқәеи реицакра ианашьҭоу, Урыстәыла атрадициақәа реиқәырхара иазықәԥоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин: Урыстәыла атәылауаа ринтересқәа ахьчоит Украина ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан