Аԥсны

Донбасс иҭахаз ҳтәылауаҩ руаӡәк иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит

Аԥсны АҶА адыррала арратә операциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Донбасс иҭахаз ҳтәылауаҩ руаӡәк иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
"Ахәылбыҽха АҶА амедицинатә ҟәша аусзуҩцәа Аԥсныҟа иааргеит хатәгәаԥхарала Донбасс еибашьуаз, уи ахақәиҭразы иҭахаз 1991 шықәсазы ииз Дмитри Ҭемыр- иԥа Ҵәыџьба иԥсыбаҩ", - аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ԥхынҷкәын анҵәамҭазы Донбасс иҭахеит Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз хҩык. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа АҶА анапынҵа риҭеит ДЖәР иҭахаз ҳтәылауаа рыԥсыбаҩқәа ааргарц.