Путин арратә операциа алахәылацәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Иҭахаз аруаҩ иҭаацәа хә-миллионк мааҭ рызшәахоит, ахәреи, зыхбаҩлаша ҵысызи, егьыс ааха заузи ирыҭахоит х-миллионк мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 3 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин арратә операциа алахәылацәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҿы.
Аусԥҟа инақәыршәаны ААР ма Росгвариа иалахәу аруаҩ Украина дҭахар, уи иҭаацәа хә-миллионк мааҭ рызшәахоит. Ахәреи, зыхбаҩлаша ҵысызи, егьыс ааха заузи ирыҭахоит х-миллионк мааҭ.
Аусԥҟа амч аиуоит инапы анаҵеиҩы инаркны.
Урыстәыла Украина абџьарҟәныхреи аденацификациеи ирзырхоу арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы, уи хықәкыс хадас иамоуп "аашықәса раахыс киевтәи амчрақәа ирыхҟьаны агеноцид иҭагылаз Донбасс ауаажәлар рыхьчара" иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
УАМ аракетақәа HIMARS рыла Макеевка иалахысит