Арадио

Ҳагба Аԥсны атәылақәа ирацәаны иахьазхарымҵаз азы: уи хьааны, ичмазараны иаҳмоуроуп

Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҟны 2022-тәи ашықәс аихшьаала ҟаиҵеит, Аԥсны аҳәынҭқаррақәа ирацәаны иазхарҵандаз ҳәа мыцхәы аҽазышәарақәа шаҭахым, уи иацу ашәарҭарақәа ртәы азы игәаанагара иҳәеит.
Sputnik
Аполитолог аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҟны иаликааз ахҭысқәа иреиуоуп Жәлар реизарахь имҩаԥгаз алхрақәа, урҭ иаҳа иҭышәынтәаланы иахьыиасыз агәыӷра бзиақәа цәырыргоит аполитикатә культура иаҳа иҳаракхап ҳәа азгәеиҭеит. Адәныҟатәи аполитика иадҳәалаз ахҭысқәа рахьынтә иаликааит иаалырҟьаны Белоруссиа ахада Аԥсныҟа иаара, ацәажәарақәа рацәаны изхылҿиааз, агәыӷрақәа цәырызга уи аҳәынҭқарра Аԥсны ашҟа азнеишьа акырӡа еиӷьхап ҳәа. Убасгьы аполитик дуцәа рахьынтә Аԥсны даҭааит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы. Аполитолог иажәақәа рыла, ари ҩаԥхьа ишьақәнарӷәӷәеит Урыстәыла Аԥсны ашҟа иамоу азҿлымҳара, ишахылаԥшуа аҳәынҭқарра ашьақәгылара, 2008 шықәсазы иалырхыз амҩа ишықәу. Иара убас аполитолог Беслан Ҳагба ицәажәараҟны иҳәеит Аԥсны ирацәаны аҳәынҭқаррақәа иазхарҵандаз ҳәа азҵаара аӡбара мыцхәы аҽазышәара заҭахым, уи иацу ашәарҭарақәа ртәы.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.