АСРР Иреиҳаӡоу Ахеилак аҵыхәтәантәи анапхгаҩы Руслан Хасбулатов иԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. 81 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит АСРР (РСФСР-аред.) Иреиҳаӡоу Ахеилак аҵыхәтәантәи анапхгаҩы Руслан Хасбулатов, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Хасбулатов иуацәа ражәақәа шьаҭас иганы.
Аполитик анышә дамардоит Чечентәыла, иқыҭа гәакьа Толстои-иурт, иԥсадгьыл ахь иԥсыбаҩ нагахоит ажьырныҳәа 4 ауха.
Руслан Хасбулатов диит Грозныи 1942 шықәсазы. 1967 шықәсазы далгеит Москватәи аҳәынҭуниверситет азиндырра афакультет, уи ашьҭахь аекономикатә факультет аспирантура аҟны аекономикатә ҭҵарадырра акандидат ҳәа ахьӡ ихьчеит. 1990 шықәсазы Хасбулатов АСРР (РСФСР-аред.) жәлар рдепутат ҳәа далырхит, 1991 шықәсазы АСРР Иреиҳаӡоу Ахеилак напхгаҩыс дҟаҵан.
Ԥхынҷкәын 12 1991 шықәсазы Асовет Еидгыла аилаҳаразы Беловежтәи аиқәшаҳаҭрақәа рышьақәырӷәӷәара дақәшаҳаҭҳеит.