Арадио

Гәынба еиҭеиҳәеит ииасыз ашықәс азы Тҟәарчалтәи атеатр аусура алҵшәақәа ртәы

Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр азы 2022-тәи ашықәс зеиԥшраз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи анапхгаҩы Адамыр Гәынба.
Sputnik
Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр мшаԥымза 2022 шықәсазы 30 шықәса ахыҵит. Атеатр анапхгаҩы иажәақәа рыла ииасыз ашықәс азы агастрольқәа Аԥсны акурорттә қалақьқәа рҟны имҩаԥыргартә, ақәыргыламҭақәа аиҭага ҟаҵаны урысшәала ахәаԥшцәа ирыдаргалартә еиԥш алшарақәа шыҟаз.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.