Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аҳаирпланқәа ҩба ҭадырхеит

Урыстәылатәи аруаа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа нарыгӡоит Украина имҩаԥырго арратә операциа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Урыстәыла арра-космостә мчрақәа уахыки-ҽнаки рыла ДЖәР Краматорск араиони Новоплавловск Николаевтәи аобласт рҟны украинатәи аҳаирпланқәа МиГ-29, Су-25 ҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Иара убас, Запорожиетәи аобласти, ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟны Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба.
Аракетатә ари артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла иҭадырхеит УАМ артиллериатә гәыԥқәа 83, 107 раион рҟны аруааи аибашьыгатә техникеи, ааха рыҭоуп аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа.
Атәылахьчара аусбарҭа ишаанацҳауа ала Купиантәи ахырхарҭанҟы уахыки -ҽнакы рыла иҭархоуп украинатәи аруаа 40-ҩык, ҩ-машьынак, адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥ.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
УАМ аракетақәа HIMARS рыла Макеевка иалахысит
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҟны урыстәылатәи аруаа иршьаҟьеит аӷа ижәыларатә гәыԥқәа ҩба, ааха рырҭеит аруаа, атехника. Уи адагьы, Невски, Новодианого, Белогоровк араионқәа рҟны иҭадырхеит адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа хәба. Адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла аӷацәа рҿы ихәуи ишьуи 150-ҩык ыҟоуп, иара убас иҭархоуп аибашьыгатә машьынақәеи апикапқәа хԥеи.
Донецк ахырхарҭаҟны УАМ уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 100-ҩык аруаа, хә-машьынак, аибашьыгатә машьынақәа ԥшьба. Алада-Донецк ахырхарҭаны урыстәылатәи аруаа аӷацәа ржәылара аанкылара рылшеит. Ари ахырхарҭаҟны уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 180-ҩык украинатәи аруаа, хә-танкк, аршьаҟауаа реибашьыгатә машьынақәа хәба, акәылӡтәы машьынақәа хԥа, амашьынақәа 10.
Путин арратә операциа алахәылацәа асоциалтә цхыраара рыҭаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит