Аԥсны

Зиплаин Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҟны аусура иалагеит

Зиплаин- иҷыдоу аихатә цәаҳәала аӷбашахала ганк аҟынтәи даҽа ганкахь аҵакыра ахыԥраароуп, уи аан хыхьынтәи аԥсабара аԥшӡара убоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 4 - Sputnik. Зиплаин "ZЕВС" Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҟны аусура иалагеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны атуризм аминистрра.
Ахыбра аԥшәма Фарид Хышба иажәақәа рыла, аус аруразы ҩышықәса аусурақәа цон. Ашҟәқәа рыла аиқәыршәара аамҭа рацәа аҭаххеит. Аргыларақәа ррылагеит аԥхынразы.
"Раԥхьатәи амш азы зиплаин ԥышәара ҳасабла аус ауан. Иахьазы ауаа рыдкылара ҳазыхиоуп. Аҳәышәҭқәа рышәра аҭахәуп, аха, уи уамак аамҭа агом", - иҳәеит иара.
Зиплаин шьақәгылоуп аҳәышәҭқәа ҩба рыла, урҭ рыбжьара аӷбашаха бжьоуп. Аура 28 метра иҟоуп.
Аобиект гылоуп Риҵатәи амҩа 32 км аҟны, "Ахаҳәтә ааҵәеи" аӡхыҽҽа "Ахацәа рылаӷырӡи" рыбжьара. Аԥырра 1200 мааҭ иаԥсоуп.
Аԥсны
Аҳәынҭавтоинспекциа: аӡынтәи арезина зҵам амашьынақәа ашьхарахь рнеира ԥкызаауеит