Арадио

Амҷԥҳа: аамҭа уадаҩ азы иаҳагьы аҵакы ӷәӷәоуп Аԥсны аӡбахә, ҳтәыла асимволика аӡыргара

Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны 2022-тәи ашықәс азы имҩаԥысыз ахҭысқәа рҟнытәи иаҳа иалылкааз, лгәалашәараҿы иаанхаз дырзааҭгылеит, урҭ рылҵшәақәа еихылшьаалеит.
Sputnik
Аԥсны ахаҭарнак иазгәалҭеит ииасыз ашықәсқәа рзы русура шымариамызгьы 2022-тәи иаҳагьы ауадаҩрақәа ацын ҳәа, избанзар ганрацәала анырра рынаҭоит Урыстәылеи егьырҭ адунеи атәылақәеи реибарххара. Убри аан лара иазгәалҭеит ари аамҭа уадаҩ азы, ганрацәала аинформациа аганахьала амацәаз ианҭаркуа, иаҳагьы аҵакы шыӷәӷоу Аԥсны аӡбахә, ҳтәыла асимволика аӡыргара, ацҳақәа рыбжьаҵара.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.