Иааидкыланы иҳаҩсыз ашықәс ахәшьара аҭо, Еныкь иҳәеит Аҿар ртеатр азы уи цәгьамкәа ишымҩасыз.
"Хар ҳамамкәа аус ҳуит, ԥшь-спектакльк ҿыц иқәҳаргылеит: "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" Есма Џьниаԥҳа режиссиорс дызмаз, ахәыҷқәа ирызку аспектакль Ирма Гәылуаԥҳа иқәлыргылаз Есма Ҭодуаԥҳа ианылҵаз "Реиҳа мчы змада", Ашықәс ҿыц аныҳәазы Ирма Гәылуаԥҳа иҟалҵеит аспектакль "Ҷашәшәына лзы ахәылԥаз", убасгьы иҳаман аестрадатә ҟазшьа змоу ақәыргыламҭа "Аԥсҭазаара ахаҿсахьақәа" Ахра Кәарҷиа раԥхьаӡа режиссиорк иаҳасабал ишьаҿа злеихигаз", - иҳәеит Еныкь.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.