Аԥсны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи ААР рыбжьара аицәажәара хырҳагоуп ҳәа иҳәеит Арӡынба

Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан лаҵара 22 2022 шықәсазы. Ажьырныҳәа 6 рзы иара иазгәеиҭоит иира амш.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иира амш идиныҳәалеит.
Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи ААР рыбжьара аицәажәара шхырҳагоу аԥсуа-аурыс ҳәынҭқарратә еизыҟазаашьақәа рыҟны хра злоу азҵаарақәа рыӡбаразы.
Аминистр иҳәеит агәра шиго, Шургалин ацҳаражәҳәаҩ иаҳасаб ала аԥхьаҟагьы иусура ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишазикуа.
Михаил Шургалин Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан лаҵара 22 2022 шықәсазы. Уи аԥхьаҟа Михаил Шургалин Урыстәыла ААР аҿы ИАР атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент адиректорс дыҟан.