Белоруссиеи Урыстәылеи злахәу ар еихша аҳәынҭқарра ахьчара иазхиоуп

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 6 - Sputnik. Белоруссиеи Урыстәылеи злахәу ар еихша Аҳәынҭқаррақәа реидгыла ахьчара иазхиоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Белоруссиа Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Жук.
Иара иазгәеиҭеит ҩ-тәылак аԥхьаҟагьы арратә ҽазыҟаҵарақәа шеиӷьыртәуа.

"Ахкбжьаратә еиҟәшақәа разыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит. Атәыла аҵакыраҿ иалагоит аԥырра-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа. Анаҩс еиуеиԥшым аштабтә ҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Аҽазыҟаҵаратә хәҭақәа ируакуп ҳаилахәны аҽазыҟаҵарақәа "Щит Союза - 2023". Сгәы иаанагоит аҽазыҟаҵарақәа хаҭабзиарала иацҵахап ҳәа", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Белоруссиа Ашәарҭадаратә хеилак иазгәанаҭеит Урыстәылеи дареи злахәу ар еихша хықәкыс иамоу ахыхьчара мацара шакәу, иара убасгьы Аҳәынҭқаррақәа реидгыла мраҭашәаратәи аҳәаақәа рыхьчара ишазырхоу.