Аԥсны аҩнуҵҟа аекономика ашьҭыҵра ишалагаз умбар ауӡом ҳәа азгәаиҭеит аиҿцәажәараҿы Шьалашьаа.
"Еиҳаракгьы зхатә ус иаҿу рганахьала арбгақәа еизҳаит. Уаанӡа ашәшьыра иҵакны аус зуаз ашәҟәы ианыланы ишахәҭоу ашәахтәқәа ршәо, аҳәынҭқарреи анаплакуааи еидгыланы аусура иалагеит. Еиҳарак ас еиԥш ҟалеит Гагра араион аганахьала. 600-ҩык инареиҳаны ашәҟәы ианырҵеит, убри иаразнак ианыԥшит ҳекономика", - ҳәа иҳәеит Шьалашьаа.
Аекономист адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыхҟьаны аекономикаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы далацәажәеит, ахәқәа рышьҭыҵра зыхҟьо, насгьы аекономика ишаныруа атәы еиҭеиҳәеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.