Ақьырсиантә тәылақәа зегьы рҟны иазгәарҭоит Қьырса аныҳәа ду амш. Аԥсуаа уи жәытәаахыс иазгәарҭон ақьырсиантә ҵасқәа рылагьы, иара убас ажәлар рхатә знеишьақәагьы рыманы.
Ақьырсианраҿы иаҳа ихадоу аныҳәақәа ируаку Иаса Қьырса Иира аныҳәа азгәарҭоит ажьырныҳәа 7 рзы. Қьырса ныҳәазы 40 мшы ицоз ачгара иҵыҵуеит. Ари амш Аԥсны иныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Қьырсаныҳәа инаркны ауп ҳашықәсԥхьаӡара шыҟоу.
"Қьырса диит ҳагәнаҳарақәа ҳхыхразы. Иахьа ақьырсиан ԥсҭазаара зегьы иара илоуп ишыҟоу, иара иахь абзиабара ауаа ауахәамақәа рҟны еизнагоит, иныҳәоит, кәашарала, шәаҳәарала акәымкәа, матанеирала иаԥылоит Қьырса иира", - ҳәа азгәеиҭеит аб Игнати (Киут).