Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" амшцәгьақәа ирыхҟьаны алашара дырцәалар алшоит ҳәа ауаа ргәырҽаннаҵоит

"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Зураб Багаԥшь ԥхынҷкәын 27 рзы адырра ҟаиҵеит Аԥсны афымцамч аиуразы аԥкрақәа зегьы шаԥыху.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 – Sputnik. Аԥсны астанциа маҷқәа рҿы алашара дырцәалар алшоит амшцәгьақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Амшцәгьақәа ахьышьақәгылаз, еиҳарак аҳауаԥхарра ахьылаҟәыз иахҟьаны, астанциа маҷқәак рҿы џьара-џьара алашара дырцәалар алшоит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
"Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Зураб Багаԥшь ԥхынҷкәын 27 рзы адырра ҟаиҵеит Аԥсны афымцамч аиуразы аԥкрақәа зегьы шаԥыху.
Багаԥшь излеиҳәаз ала, Урыстәылантәи иҳауз алимит иалнаршеит маҷк афымцалашара аиқәырхара, уи иабзоураны алашара ԥкрада ахархәаҩцәа рыҭара рзалҵит.
Анаҩс, машәырк мамзар ақәыӷәӷәара ахьыҳаракхо иахьҟаны акәымзар алашара дырцәаӡом иҳәеит иара.