Арадио

Ҭаниа: аҟыбаҩ злоу акәашацәа амамзааразы аган иавамхазҭгьы, апрограмма лассы иҟаҳҵон

Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Валери Ҭаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит 2022 шықәса ансамбль азы изеиԥшраз, ашықәс ҿыц иадырҳәало агәыӷрақәа ртәы.
Sputnik
Иҳаҩсыз ашықәс аџьабаақәа маҷымкәа иацын, ансамбль ахыбраҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иахҟьаны артистцәа зны ашколқәа рҟны, даҽазны афилармониаҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон иҳәеит Ҭаниа.
"Сымацара сакәӡам, Аԥсны уи зегьы ирхьаау ауп акадрқәа рганахьала. Даара ибзиоу, аталант змоу амамзаара иахҟьаны аҟәара иавоуп. Ачарақәа рахь ицоит, анахь-арахь. Ара иҳауа ауалафахәы даара имаҷуп", - иҳәеит Ҭаниа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.