Гәбаадәы ашьхашәҩатә курорт аусзуҩ асыԥса даҵахеит

Ахаҵа ашьхашәҩатә мҩақәа рҭагылазаашьа агәаҭара дшаҿыз, асыԥса ижәлеит. Анцәа иџьшьаны, иара иахәҭаз амаҭәахәқәа иман - иҭачуа ашәыреи афымцамчдыргақәеи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Шәачатәи ашьхашәҩатә курорт "Краснаиа полиана" асыԥсаҿагыларатә маҵзура аусзуҩ асыԥса даҵахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, акурорт апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.
"Асыԥсаҿагыларатә маҵзура аусура ианаҿыз, уи аусзуҩ асы рацәаны иқәҳаит, аха иколлегацәа иаразнак даҵырхит. Дара еснагь иахәҭоу амаругақәа рымоуп", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ажьырныҳәа 6-7 рзы Шәача амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәырҽанырҵеит. Аҳауагәаҭаҩцәа изларҳәо ала, аԥша 20 метра секундк ала иласхар ҟалоит, асы ӷәӷәаны иаур, асыԥса лееир, аӡиасқәа хыҵыр ҟалоит. Ақалақь аҿы иҵаауеит, ажьырныҳәа 8 рҟынӡа амҩақәа ирықәҵаар ауеит.
Гәбаадәы ашьхашәҩатә мҩақәа зегьы аркуп асыԥса леиуеит ҳәа ашәарҭара ӷәӷәа ахьыҟоу азы.