Арадио

Гәбаз аоранжереиа аргыларазы: амал змоу ауаа радԥхьалара ҳашьҭоуп

Аӡын аамҭазы аҵиаақәа рыхьчара шахәҭоу, ҳаамҭазы аботаникатә баҳча аҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Sputnik
Ԥхынҷкәынмза абжа нахыс аҵаа ззымычҳауа аҵиаақәа ацитрустә бала иҭарыҳәҳәахьеит абаҳчаҿы. Ус еиԥш шәкы инареиҳаны иҟоуп, аҵаа ҟаларгьы, асы леиргьы, урҭ хьчоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәбаз.
Иара иажәақәа рыла, еиҭа 200 цыра инареиҳаны аҵиаақәа аԥхаррахь ииагоуп.
"Аӡҭачқәа рҿы иҳамоу ашәҭқәа, лотос ҳәа зегьы еицырдыруа, аԥхаррахь иааҳгахьеит. Саркьала ихыбны иҟоу аргылараҿы иҟоуп. 20-25 мшы рҭахуп аҵиаақәа рҭыԥ рықәҵаразы. Аԥхарра ахьынӡаҟаз аамҭа ҳхы иархәаны аусурақәа зегьы нагӡоуп", – ҳәа иҳәеит Гәбаз.
Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы иара убасгьы далацәажәеит афондтә оранжереиа аҟамзаара атәы.
"800 цыра аԥхарра бзиа збоз атропикатә ҵиаақәа ахьыҟаз аоранжереиа ҳаман аибашьра ҟалаанӡа. Убри шьақәыргылатәуп. Ахыбра ҳзыҟаҵар, аҵиаақәа ҳзаарышьҭуеит ҳҩызцәа атәым тәылақәа рҟнытә. Урҭ убла хызкуа ҵиаақәоуп. Ахыбра аҳаракыра 15 метра иҟазароуп. Аҟәрышь маҷымкәа иаҭахуп. Ҳаргьы ҳашьҭоуп амал змоу ауаа рхьарԥшра ари азҵаарахь", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәбаз.
Едуард Гәбаз иара убасгьы иҳәеит, Урыстәылантәи амеценат ишаалышьҭыз 1500 цыра ашәҭқәа. Аибашьра еилгеижьҭеи ас еиԥш аӡәгьы ацхыраара ҳаимҭацызт ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.