Арадио

Кәарҷелиаԥҳа: аурок анҭыҵтәи аҽазыҟаҵарақәа аҭаацәа рҟәаҟәа иқәаҳхыр ҳҭахуп

Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы 2022-тәи ашықәс аихшьалақәа ҟалҵеит, илҳәеит ҳазҭалаз ашықәс азы уснагӡатәқәас иазгәаҭан ирымоу атәы.
Sputnik
Арҵаҩцәа рзанааҭтәҩаӡара аизырҳара азҵаара аминистрра хылаԥшра ду анаҭоит. Уи ахырхарҭа иаҳа аԥыжәара аҳҭоит ҳәа азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа арадиоефир аҿы. Лара еиҭалҳәеит ари ахырхарҭала усмҩаԥгатәқәас иҟаз ртәы.
Ада Кәарҷелиаԥҳа илҳәеит ишыҟоу апроектқәа ашколқәранӡатәи аусбарҭақәа русзуҩцәагьы ирзырхоу, ашкол иауасхырны иазышьҭоу ахәыҷбаҳчоуп ҳәа лҳәеит лара.
Кәарҷелиаԥҳа иара убасгьы еиҭалҳәеит, ашықәс иалагӡаны имҩаԥгаз аицлабрақәа ртәы, ахәыҷқәа рдыррақәа реизырҳара иазырхоу.
Дырзааҭгылеит Аԥснынтә ашколхәыҷқәа злахәыз атәыла анҭыҵ имҩаԥысуаз аолимпиадақәа, насгьы урҭ иаадырԥшыз аихьӡарақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.