Аԥсны

Россотрудничество аҟны макьана еилкаам аквотатә программала ашәҟәы аҭагалара анхыркәшахо

Россотрудничество Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало аҳәаанырцәтәи абитуриентцәа рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Россотрудничество макьана ишьақәнамаргылацт аквотатә програаммала ашәҟәы аҭагалара анхыркәшахо ҳәа иҳәеит амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Павел Шевцов.
ГИС "ОРФИ" апортал аусура иалагеит ԥхынҷкәынмза 23 инаркны.
Абитуриентцәа иҟарҵар акәу:
рхала апортал аҟны ашәҟәы рыҽҭаргалароуп,
азҵаабӷьыц хадырҭәаароуп,
рфотосахьа ҭаргалароуп,
арыцхәи анапынҵамҭеи аанрыжьроуп,
азыҳәаҟны иаанрыжьроуп атәылауаҩшәҟәи рҵаразы рышәҟәқәа ақәҭых.
рхатәдыррақәа аус рыдуларазы ақәшаҳаҭра ақәҭых,
ихарҭәаау азҵаабӷьыц ГИС "ОРФИ" ала ашьҭра, азыҳәа "агәаҭара" ахь аиагара.
2023-2024 аҵарашықәс азы урыстәылатәи ауниверситетқәа рыҟны аҭалара рылшоит 20-ҩык рыла еиҳаны ҵыԥха аасҭа. Иааидкыланы аԥснытәи абитурентцәа рзы илхыуп 110 ҭыԥ.
Аԥсны
Иааиуа аҵарашықәс азы Урыстәыла аҳәаанырцәтәи астудентцәа рзы 30-нызқь ҭыԥ ылнахит