АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Шәача ԥшь-ҭыԥк ааннакылеит 2022 шықәсазы Урыстәыла еиҳа зыхә цәгьоу атурқәа жәаба рыбжьара, абри атәы аанацҳауеит Вестник АТОР.
Шәача иааннакылеит 3-тәи, 4-тәи, 5-тәи, 7-тәи аҭыԥқәа (зтур хәыԥсала) 1,550 миллион мааҭ инаркны 2,393 миллион мааҭ рҟынӡа (иҟоу).
Ахьи араӡни роуит:
12 мшы иҟоу Енисеи аҿы аӡиастә круиз аҿы 4 каиутак 3,567 миллион мааҭ ҳәа,
Алтаи автортә тур хәымш ҳәа 3,463 миллион мааҭ.
Актәии аҩбатәии аҭыԥқәа аҳәаанырцәтә хырхарҭақәа рҿы иааннакылеит Ҭырқәтәыла 21,295 миллион инаркны 25,010 миллион мааҭ рҟынӡа.
Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Мальдивқәа, уа аԥсшьаразы жәҩык злоу ҭаацәарак инырхит 19,005 миллион мааҭ.