Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи артиллериеи авиациеи украинатәи аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа хԥа ԥыржәеит

Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп: аҳаирпланқәа 367, авертолиотқәа 200, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 2856, азенит-ракетаттә комплексқәа 400, атанкқәеи егьырҭ акәылӡымашьынақәеи 7460.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Урыстәылатәи артиллериеи авиациеи украинатәи аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа хԥеи ДЖәР-и Харковтәи аоблости рыҟны абџьари быржәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"ДЖәР Новомихаиловкеи Харковтәи аобласт Лозоваиеи аиланхарҭақәа рыҟны аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа хԥеи украинатәи аракета-артиллериатә бџьари ҭархоуп", - ҳәа аҳәоит урыстәылатәи арратә усбарҭа.
Иазгәаҭоуп, украинатәи ахымцатә позициақәа рыҟны артиллериатә еиҟәшақәа 89 ааха шрыҭоу 126 раион рыҟны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа ДЖәР Бахмутск аиланхарҭа ахы иақәиҭыртәит