АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа ДЖәР Бахмутск аиланхарҭа ахы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит ДЖәР ахьчаратә штаб Telegram-канал.
"Ажьырныҳәа 9, 2023 шықәсазы Урыстәыла арбџьармчқәа Донецк Жәлар Рреспублика иаҵанакуа Бахмутск ахы иақәиҭыртәит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Донбаас иҟоу Украинатәи ар бџьарла излеиқәдаршәоз, ари ақалақь иалсуа амҩаду хадеи адәыӷбамҩеи рыла акәын. Уажәы Артемовски Соледари рхақәиҭатәразы аибашьра цоит.