Аԥсны

Аҳазылхраҟны аус зуа рџьашықәс аиуразы Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра иалацәажәоит

Аҩаша Урыстәыла Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ иахәаԥшоит "Аԥсни Урыстәылеи раҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьашықәс наҟ-ааҟтәи рныԥхьаӡала аиуразы Урыстәыла Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациаз" апроект.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра алацәажәоит ҩ-тәылак рыбжьара аҳазылхраҟны аус зуа рџьашықәс аиуразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа азуразы, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла аиҳабыра рыпресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, Аҟәа жәабран 18 2021 шықәсеи Москва мшаԥымза 5 2021 шықәсеи рзы анапы зҵеиҩыз аиқәшаҳаҭра азакәанапроект аратификациаз рыдгалара.