АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәала аизҳара 116,9% артәеит 2021 шықәса иаҿырԥшны ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара.
2022 шықәсазтәи алагалатә хәҭақәа:
Ауснагӡа - 9,7 млрд мааҭ
Инагӡаҵәҟоу - 10,6 млрд мааҭ
Алагалақәа реилазаашьа:
Ашәахтә лагалақәа - 3,4 млрд мааҭ
Ишәахтәым алагалақәа - 1,5 млрд мааҭ
Идмырхынҳәо алагалақәа, иара убас Урыстәылантәи афинанстә цхырааргь налаҵаны - 5,7 млрд мааҭ
2022 шықәсазтәи аныхратә хәҭақәа:
Ауснагӡа - 10,9 млрд мааҭ
Инагӡаҵәҟоу - 10,4 млрд мааҭ
Аныхтәқәа реилазаашьа:
Амилаҭтә економика - 2,3 млрд мааҭ
Азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа - 1,8 млрд мааҭ
Амилаҭтә шәарҭадареи азинхьчаратә уснагӡатәқәа - 1,7 млрд мааҭ
Абиуџьетбжьаратә трансфер - 1,5 млрд мааҭ
Агәабзиарахьчара - 1,045 млрд мааҭ
Амилаҭтә хьчара - 546,8 млн мааҭ
Аҵарадырра 488,4 млн мааҭ
Акультуреи аҟазареи, АИХқәеи - 318,5 млн мааҭ
Асоциалтә политика - 287,7 млн мааҭ
Абаҩрҵәыреи, аспорти аҿартә политикеи - 70,8 млн мааҭ
Иааҳакәыршан иҟоу аԥсабара ахьчара - 14,8 млн мааҭ
2022 шықәсазы Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи реилатәараҿы 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Аҳәынҭбиуџьет ахашәалақәа -12,512 млрд мааҭ
Аҳәынҭбиуџьет аныхрақәа - 14,188 млрд мааҭ
Аҳәынҭбиуџьет адефицит - 1,676 млрд мааҭ
Ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа - 9,622 млрд мааҭ
Ареспубликатә биуџьет аныхрақәа - 11,298 млрд мааҭ
Ареспубликатә биуџьет адефицит - 1,676 млрд мааҭ.