"Чебурашка" Урыстәыла зегь реиҳа аԥара еизызгаз фильмхеит

Афильм аҭыжьратә биуџьет 850 миллион мааҭ ыҟан. Аныҳәамшқәа рзы иара арбараан еизгахеит х-миллиард мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Афильм ҿыц "Чебурашка" урыстәылатәи арбарақәа иррекордсменхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Акультура аминистрра.
Афильм акинотеатрқәа рахь инаган 2023 шықәса раԥхьатәи амш – ажьырныҳәа 1 азы. Ашықәсҿыцазтәи аԥсшьарамшқәа рыҩнуҵҟа иара еизнагеит 3,1 миллиард мааҭ.
Игәылшьапхаҭам Гена ароль неигӡеит Сергеи Гармаш. Афильм аҟны иара– дбаҳчахылаԥшҩуп, шәачатәи адендрариа аҿы дынхоит аусгьы иуеит. Чебурашка – тәыла харак иатәу апатырқал баҳчараҟынтә иааз ихәымсысу шәарах хәыҷуп. Афырхаҵа хада абжьы ахалҵеит актриса Ольга Кузмина.
Арольқәа иара убасгьы инарыгӡеит Фиодор Добронравов, Елена Иаковлева, Полина Максимова. Аҭыхрақәа мҩаԥысуан кавказтәи акурортқәа – Шәача, Пиатигорск, Кисловодск рҟны.
Уаанӡа зегь раасҭа аԥара еизнагеит ҳәа иршьон афильм "Холоп" (Клим Шипенко, 2019 шықәсазы иҭыхыз). Арбараан иара еизнагеит 3,08 миллиард мааҭ.
"Золотой глобус" - 2022 иаиааиз рыхьыӡқәа еилкаауп