Ирбаандаҩу Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем иӡбахә ирзеит

Ажурналист харан идырҵоит Урыстәыла иаҿагыло аекономикатә санкциақәа риелагареи аԥшыхәреи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. Латвиа ирбаандаҩу Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем иӡбахә ирзеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә.
"Литватәи АИХқәа акыр еигәырӷьазар ҟалап сырбаандаҩра? Анцәа ибааит! Хьаас сызмоу, исыцхраауа зегь ҭабуп ҳәа сызраҳә. Сара зегь сныруеит, сцәаныррақәа хышхыҵәоит!", - ҳәа абахҭаҟынтәи ашәҟәы иҩит Касем.
Марат Касем харас идырҵоит Евроидгыла Урыстәыла аганахь ала иаланагалаз аекономикатә санкциақәа еилеигеит ҳәа. Абри азы иара хәышықәса бахҭала ахгара ма шә-мзтәи аулафахәы ашәара иқәҵоуп.
Уаанӡа иҳәан Касем дыԥшыхәҩуп ҳәа. Уи ахәҭаҷ ала иара 20 шықәса бахҭала ахгара иқәҵахар ҟалоит.
Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп, шықәсқәак раахыс Москва дынхоит аус иуеит Sputnik Литва зҵазкуа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҟны. Ԥхынҷкәын 30 рзы иҭаацәаратә ҭагылазаашьазы Латвиаҟа дцеит. Ажьырныҳәа 5 рзы Рига даанкылан.
Касем ирбаандаҩра урыстәылатәи адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаа анаҭеит. Аусбарҭа ахаҭарнак ҷыда Марииа Захарова илҳәеит "Урыстәыла ахаҭарнакцәа ари атема еснагь жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы ишышьҭырхло".
Москва имҩаԥысит Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем адгылара изҭоз акциа