Мрагыларатәи Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа маҷым, аха иаҳа агәцаракреи анапы адкылареи рҭахны иҟоуп. Акы уи атуристцәа хьанарԥшуеит уахь инанагоит, иҩбахазгьы араион абиуџьет ахарҭәаараҿы ицхыраагӡахоит. Убас зегь еицырдыруа "Абраскьыл" иҳаԥы анаҩсгьы, рацәак мҵуазаргьы аусура иаларган Отаԥ ақыҭан иаартхаз аҩбатәи аҳаԥы "Отаԥ ахы" ҳәа хьӡыс изауз.
Иҳаҩсыз ашықәсан атуристцәа ишырҭахыз еиԥш аҳаԥы иҭалартә иҟамызт, изыхҟьогьы арҽеирақәа, уи ишахәҭоу аусура аларгаразы иаҭаху аԥара амамзаара ауп Абарҭқәа рыӡбаразы ицхыраагӡахон араион анапхгареи атәыла ахадареи рҟынтә ахылаԥшра, ԥарала адгылара роур ҳәа иԥхьаӡоит аҳаԥы аиҳабы, иара дрылацәажәеит "Отаԥ ахы" аҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.