Аԥсны

Адлертәи аӡбарҭа Аԥснытәи амашьынақәа закәаншьаҭада рхархәараз аус иахәаԥшуеит

Урыстәылауаа аҳазатә баџь рымшәаразы автомашьынақәа жәларбжьаратәи амҩангарақәа ирзырхоушәа ртәылахь иаларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. Адлертәи аӡбарҭа Аԥснытәи амашьынақәа закәаншьаҭада рхархәараз Челиабинск инхо ҩыџьа рус иахәаԥшуеит. Абри атәы аанацҳауеит Уралтәи аҳазатә усбарҭа ауаажәларра рымадараз аҟәша.
Ахатәхархәараз аҳазатә закәанԥҵара еилаганы ареспубликаҿ автомашьынақәа Lexus GS 350, Toyota Crown Majesta аазхәаз миллионбжак-миллионбжак ахараԥсар рықәшәар ҟалоит.
Иазгәаҭоуп, Урыстәылаҟа амашьынақәа ралагалараан аҳәааҿы ахацәа ииашамыз адыррақәа шрырҭаз, уи иабзоураны дара 2,2, 2,1 миллион мааҭ иартәоз аҳазатә шәарақәа рымшәеит.
Уралтәи аоперативтә ҳазалхырҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Витали Кокоша иажәақәа рыла, азакәанеилагаҩцәа рысхемақәа иреиуоуп – амашьына жәларбжьаратәи амҩангарақәа ирзырхоуп ҳәа аҳәара. Аха, асхема аарԥшхар азакәан еилазгаз аҳазатә шәарақәа рнаҩсан ахараԥсагьы дыршәахоит.