Аԥсны

Алокомотивқәа ԥшьба Аԥсныҟа иаагахоит 2023 шықәсазы

Алокомотивқәа аахәоуп рхатә биуџьети, ахада Аслан Бжьаниеи Аекономика аминистрреи рыцхырааралеи.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 – Sputnik. "Аԥсныеихамҩа" амагистралтә локомотив ҿыцқәа фба аанахәеит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Ашықәс ҿыц аламҭалазы Аԥсныҟа иааган алокомотив ҿыцқәа ҩба - афымцамҩангеи аԥхаррамҩангеи. Актәи ахархәара иалагахьеит, аԥхаррамҩангага акәзар аусура азырхиаразы ауснагӡатәқәа ирҿуп.
Аԥсны
"Аԥсныеихамҩа" алокомотив ҿыцқәа ҩба аанахәеит
Ҟәыруа иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иаанхаз алокомотивқәа ԥшьба Аԥсныҟа иаагахоит 2023 шықәса актәи азбжазы.
Ҟәыруа иҳәеит, иаахәоу алокомотивқәа шҿыцым. Дара 1980-1990 шықәсқәа рзы иҭыжьын, еиҭашьақәыргылан 2018-2019 шықәсқәа рзы.
Анџьныр иҳәеит атехника аархәаанӡа уи алшарақәа шгәаҭаз.
"Аԥсныеихамҩа" алокомотив ҿыцқәа аанахәеит 1993 шықәсазы аибашьра еилгазар аахыс раԥхьаӡа акәны.Урҭ рымчхара ҩынтәны еиҳауп уаанӡа ахархәара зырҭоз раасҭа –50 вагон зыцраҳәо адәыӷбақәа ныҟәыргар рылшоит. Уи иабзоураны апассаџьырцәеи аидарақәеи еиҳа рацәала рымҩангара.