АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь ахәаԥшраз инашьҭуп уаанӡатәи акультура аминистр Гудиса Агрба иус. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Агрба АА АЗ ахәҭаҷ 157 ахәҭа 4 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура (атәым мазара ахатәтәреи аимҵәареи) мҩаԥигеит ҳәа агәызҩара ыҟоуп, Надир Џьинал – уи дицхраауан ҳәа ахара ихарарҵоит.
Аусӡбара заанаҵтәи аусеилыргарала уаанӡатәи акультура аминистр имаҵзура ихы иархәаны Џьинали иареи асценаз ахархәагақәа раахәараз аилаӡарақәа ҩба рыбжьарҵеит, руак 8 миллион мааҭ, аҩбатәи - 19,9 миллион мааҭ рыхә.
Џьинал, Агрба 14,3 миллион мааҭ ииҭоит, ихазы инижьуеит 4,6 миллион мааҭ, иаанхаз 8,9 миллион мааҭ рыхә рхы иадырхәахьаз алашаратәи абыжьтәи хархәагақәа ааихәеит.
Гудиса Агрба Акультура аминистрс дыҟан 2020 шықәса рашәарамза инаркны 2022 шықәса жәабранмзанӡа. Даанкылан мшаԥы 20 азы, цәыббра 19 рҟынӡа дырбаандаҩын, анаҩс аҩнытә баандаҩра иқәҵан.