Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аҳаир-десанттә ар Соледар ладеи ҩадеи амацәаз иҭаркит

Иара убас, Донецктәи ахырхарҭаҿы қәҿиаралатәи ажәылара иабзоураны ДЖәР аиланхарҭа Подгорное ахы иақәиҭтәуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Соледар ладеи ҩадеи амацәаз иҭаркит урыстәылатәи аҳаир-десанттә ар, ажәыларатә гәыԥқәа ақалақь агәаҿы еибашьуеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"УАМ амеханизациа зызуу 61-тәи абригадеи 17-тәи атанктә бригадеи ржәылараан иҭадырхеит 80-ҩык инарзынаԥшуа украинатәи аруаа, танкк, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ҩба", - аҳәоит адырраҭара.

Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 25-ҩык украинатәи аруаа, аршьаҟауаа рмашьына, Купиансктәи ахырхарҭаҿы – УАМ амеханизациа зызуу 92-тәи абригадеи 103-тәи аҵакырахьчаратә бригадеи 30-ҩык рыруааи ҩ-автомашьынаки ҭархоуп.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы УАМ 95-тәи ажәыларатә гәыԥ, 80-тәи адесант-жәыларатә гәыԥ, 25-тәи аҳауа-десантә бригада ааха рыҭоуп. Иҭархоуп украинтәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ԥшьба.
Ари ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла Киев ацәыӡқәа 90-ҩык ыҟоуп, акәылӡмашьынақәа ҩба, автомашьынақәа хԥа. Аоператив-тактиатә авиациеи, аракететә ари, артиллериеи иҭадырхеит УАМ 57-тәи амотошьаҟатә бригада акомандаҟаҵарҭа, 74 артиллериатә ҟәшеиҵа, арратә техника.
Иҭархоуп аицҭырҟьаратә реактивтә система "Ураган" аҭырҟьагатә шьақәгыла, артиллериатә система М777, зхала иныҟәо абзарбзанқәа 2С7 "Пион" - ҩба, агаубица Д-20, агаубицақәа Д-30 -ҩба, агаубица 2С1 "Гвоздика", арадиолокациатә станциқәа AN/TPQ-50, AN/TPQ-36.
Икажьуп украинатәи аҳаирплан Су-27, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба, америкатәи аракета HARM, HIMARS-и "Ольхеи" рыхгәыцәқәа хәба.