АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны ААР ахада Инал Арӡынбеи Никарагуа иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатәии азинмчранагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи реиԥылараан Никарагуа Аԥсны ахәаахәҭратә Ҩны аԥҵара иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
"Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Никарагуеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыҿиара аҵак ду шамоу, ԥхьаҟазы ахәаахәҭратә Ҩны аԥҵара шалшо",- аҳәоит адырраҭараҿы.
Арӡынба игәаанагарала ари ашьаҿа атәылақәа рыбжьара аусеицура еиҳа хра аманы иҟалоит.
Иара убасгьы аминистр аилацәажәараҿ иазгәеиҭеит, апарламентбжьаратә еилацәажәарақәа аҵак ду рыманы ишыҟоу, Аԥсни Никарагуеи еиҳа ииашоу адунеитәеиҿкаара аԥҵара ишадгылаҩцәоу.