Аԥсны

Ашықәс ҿыц ҳҭалазар коронавирус хҭыск аарԥшуп Аԥсны

Аԥсны апандемиаамҭа зегьы иалагӡаны авирус рыдбалан 60 000-ҩык, 9 714-ҩык ахәышәтәырҭахь инаган, 695-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашықәс ҿыц ҳҭалазар, Аԥсны иаарԥшуп коронавирус хҭыск, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит асанитар ҳақьым хада Алла Белиаева.
"Ачымазара хҽит, аха макьана аҽырҭынчра ҟалом избанзар COVID-19 аҽазныкгьы аҽышьҭнахуа иалагеит Китаи. Убри азы аштамм ҿыц шымаауа азы агәрагана ҳаҟам. Уи инадҳәаланы ахыхьчара гәыгәҭажьтәым. Уи аамҭалатәи аимҳәеиԥш акоронавирусгьы уацәнахьчоит", - лҳәеит лара.
COVID-19 зманы 2020 шықәсеи 2021 шықәсеи рзы Аԥсны зыԥсҭазаара иалҵыз 1,4% иҟоуп.