Аԥсны

Аԥсны ААР астудентцәа IT-ҵараиурҭақәа рҭалара иацхраалоит

IT-занааҭқәа ҳаамҭазтәи аԥсҭазаараҿы даара иаҭахны иҟоу ракәны иҟоуп ҳәа азгәарҭеит аминистрраҟны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит 2023 шықәсазы ахырхарҭа хадақәа ишреиуоу- астудентцәа IT-ҵараиурҭақәа рҿы рҵараҵареи урыстәылатәи аилахәырақәа рҿы рԥышәеизарҳареи реиҿкаара. Абри атәы иҳәеит аусбарҭа анапынҵа ҷыдақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ Дмитри Кьетиа.
Ажьырныҳәа фба азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" абзоурала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалаз аԥснытәи астудентцәа дырԥылеит.
Арӡынба иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра ахада иаликаауа ахырхарҭақәа иреиуоуп- аҿари аԥхьагыла қәыԥшцәеи ацхыраара рыҭара.