Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аппарат 2022 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аппарат 2022 шықәса рзы адокументеикәыршара 16% рыла иазҳаит 2021 шықәса рзы аасҭа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аппарат 2022 шықәсазтәи аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит, абри атәы аанацҳауеит Аиҳабыра рсаит.
Аппарат аҿы еиқәыршәаны иҭрыжьит Аиҳабыра рықәҵарақәа 196, анапынҵақәа 203.
Аԥыза-министр иҟаиҵеит адҵақәа 223, аппарат анапхгаҩы инапынҵақәа - 267.
Аппарат аусеилыргара аус рыднаулеит аминистррақәеи аусбарҭақәеи рҟынтәи иалалаз ашәҟәқәа 1558, ирышьҭыз ашәҟәқәа 1536 ыҟан.
Аминистрцәа реилазаара Аппарат ахада Иусбарҭахь инарышьҭит 40 закәанапроектқәа.