АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. 2022 шықәса цәыббра 1 инаркны 2023 шықәса ажьырныҳәа 12 рҟынӡа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 32 нызқь тонна рҟынӡа амандарина ииаргахьеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.
Аилак ажьырныҳәа 12 рзы иамоу адыррақәа рыла, ахәырма аекспорт иартәоит 92,7 тонна, 2021 шықәсазы – 1130,7 тонна; афеихо аекспорт – 776,6 тонна, 2021 шықәсазы – 1 865,6 тонна.
Аусбарҭаҿ ишазгәарҭаз ала 2022 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа Аԥсны иалган 4 549,8 тонна араса, 2021 шықәсазы – 2 707,9 тонна.