Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыг аԥсуа ажурналистикеи зхы иақәиҭу ажәеи ирызкны

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik астудиаҿы еиҭеиҳәеит, иҳаҩсыз ашықәс ажурналистцәа рырҿиаратә мҩа зеиԥшраз, ирымоума амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа ахақәиҭра, иарбан еицлабрақәоу ажурналистцәа рзы иазгәаҭоу 2023 шықәсазы.
Sputnik
Зхы иақәиҭу ажәа ихадароу згәаҭоуп Апарламент иаднакылаз азакәан аҿы, иҳаҩсыз ашықәс азы ари азгәаҭала ажурналистцәа рхеилак аҟынтә аҳәамҭа ҟаҵан, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳашыг.
"Аԥсны зхы иақәиҭу ажурналистика ашәарҭара иҭагылам, ажурналистцәа русура иаԥырхагоу аиҿкаарақәа аҭыԥ рымам, ари иреиҳау қәҿиароуп Аԥсны аҩнуҵҟа, абри атәы аҳәаанырцәтәи аиҿкаарақәагьы иазгәарҭахьеит. Акырӡа аҵанакуеит аҳәынҭқарра иаԥнаҵо аинститутқәа русура аҟны аԥсуа журналистика азакәан инақәыршәаны, рхы иақәиҭны русура. Ҳара иҟаҳҵаз аҳәамҭаҿы 90% азакәан аҟынтә иҳәаақәҵоуп. Ҳара агәҭынчымра ҳазцәырызгаз азҵаарақәа ҭырҵаарц иахәҭоу аусбарҭақәа рахь аҳәамҭа ҟаҳҵеит, ари аҩыза аҭыԥ амазар, иҭырҵаарцаз, ус ианыҟала аамҭазы уи аԥыхразы аӡбамҭа рыдыркыларцаз. Ҳара иҟаҳҵаз аҳәамҭа ахаҵгылара аиуит, уи сеигәырӷьоит. Иҟаҵан алкаақәа", - азгәеиҭеит Ҳашыг.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы дазааҭгылеит ажурналистцәа русураҿы егьырҭ ихадоу азҵаарақәа. Руслан Ҳашыг иҳәеит ажурналистика апринципқәа рықәныҟәара зегьы рзы ихадазар шаку.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.